Дональд Трамп Бениамин Нетаниаҳу анеҩстәи алхрақәа рҿы дидгылоит

20:13, 18.10.2026

Америка ахада Дональд Трамп Израиль аҧыза-министр Бениамин Нетаниаҳу анеҩстәи алхрақәа рҿы дидгылоит. Трамп ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы Израиль ауааҧсыра рахь иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.

Америка ахада иажәақәа рыла, Израиль Нетаниаҳу ида иахәҭам даҽа лидерк даиур, Америка ахала Иран иаҿагылар акәхоит.

Дональд Трамп иҳәамҭала, Израиль  абри аҩыза апартниор дамазароуп, иара анеҩстәи алхрақәа рҿы Нетаниаҳу адгылара ҕәҕәа изааирҧшит.

„Сшәыҳәоит абри ашәҟәы шәахәаҧшырц анеҩстәи алхрақәа рҿы Биби Нетаниаҳу сара сҟынтә адгылара ҕәҕәа изаарҧшра  аҳасабала. Биби Нетаниаҳу ахаангьы шәгәыҕрақәа иҧсахуам“, – иҩит Трамп.

Израиль апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит  2026 шықәса жьҭаара  27 рзы.

Еиԥшу