Дональд Трамп - Имароу аиԥылара ҳаман, азҵаарақәа реиҳарак рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит, зҵаарақәак ирызкны ҳгәаанагарақәа еиқәшәом, аха аԥхьацара ҳамоуп
Дональд Трамп - Имароу аиԥылара ҳаман, азҵаарақәа реиҳарак рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит, зҵаарақәак ирызкны ҳгәаанагарақәа еиқәшәом, аха аԥхьацара ҳамоуп

Имароу аиԥылара ҳаман, азҵаарақәа реиҳарак рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит, зҵаарақәак ирызкны ҳгәаанагарақәа еиқәшәом, аха аԥхьацара ҳамоуп, – иҳәеит ЕАШ ахада Дональд Трамп Алиаска иҭшәаз аформат аҿы иареи Владимир Путини реиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Дональд Трамп иажәақәа рыла, Украина азҵааразы изеиқәшаҳаҭымхеит, аиԥылара иазкны Украина ахада Володимир Зеленски ҭелла диацәажәоит, иара убас Нато ахь аҭел дасуеит.

Дональд Трамп ишахгәеиҭаз ала, аԥхьацара иҟоуп.

“Владими Путин иҟны еснагь зеиԥшҟамлац ала ибзиоу аизыҟазаашьақәа сыман. Ҳара акымкәа имариам аиԥыларақәа ҳаман, ибзиоу аиԥыларақәагьы мҩаԥаагахьеит. Аурыс чарҳәара амцыркрала иаҳԥырхагахеит, апроцесс цәгьахеит. Аха уи идыруан ари шымцыз. Имароу аиԥылара ҳаман, азҵаарақәа реиҳарак рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит, зҵаарақәак ирызкны ҳгәаанагарақәа еиқәшәом, аха аԥхьацара ҳамоуп. Украина азҵааразы ҳзеиқәшаҳаҭымхеит, аиԥылара иазкны Украина ахада Володимир Зеленски ҭелла сиацәажәоит, иара убас Нато ахь аҭел сасуеит”, – иҳәеит Трамп.

ЕАШ ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини Алиаска, Анкориџь ақалақьаҿ 3х3 аформат ала еиԥылеит. Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиҧылара рхы аладырхәоит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Марко Рубио, афинансқәа рминистр Скот Бесент, ахәаахәҭратә департамент анапхгаҩы Говард Лутник, ЕАШ ахада ихаҭарнак ҷыда Стив Уиткоф, Аԥшыхәра ацентртә агентра адиректор Џьон Ретклиф.