Дональд Трампи Владимир Путини Алиаскатәи аштат Анкориџь ақалақь аҳаирбаӷәазаҿ еиԥылеит
ЕАШ ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини Алиаска аштат Анкориџь ақалақь аҳаирбаӷәазаҿ еиԥылеит.
Алидерцәа ауарҳал ҟаԥшь аҿы аԥсшәа еибарҳәан, уи ашьҭахь Владимир Путини Дональд Трампи аиҿцәажәара кьҿ рыман.
Алидерцәа аиԥылара ахьымҩаԥысран иҟоу аҭыԥ ахь амашьынақәа рыла идәықәлеит.