Дональд Трамп ишааицҳаз ала, Украинеи Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара аиҿкаара иалагахьеит
Дональд Трамп ишааицҳаз ала, Украинеи Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара аиҿкаара иалагахьеит

ЕАШ ахада Дональд Трамп ишааицҳаз ала, Украинеи Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара аиҿкаара аус адулара иалагахьеит. Ари атәы Трамп асоциалтә ҳаҿы ааицҳаит.

“Асасцәа дахьқәа: Украина ахада Володимир Зеленскии, Франциа ахада Еммануель Макрони, Финлиандиа ахада Александр Стуби, Италиа аԥыза-министр Џьорџьиа Мелони, Британиа ду аԥыза-министр Кир Стармери, Германтәыла аканцлер Фридрих Мерци, Европатәи акомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени, Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Мак Рутеи Аҩны шкәкәа иҟоу акабинет гьагьаҿ сырԥылеит. Аиԥылараан Украиназы ашәарҭадаратә гарантиақәа ҳрыхцәажәеит. Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аҭынчра ашьақәыргылара алшара ахьцәырҵыз зегьы даараӡа ргәы иаахәоит. Аиԥылара ашьҭах аада Путин ҭелла сиацәажәеит, Украинеи Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара аиҿкаара аус адулара салагеит. Ари аиԥылара ашьҭахь хганкалатәи аиԥылара мҩаԥаагоит”, – иҩит Трамп.