Дональд Трамп иҳаирплан Алиаска аштат Анкориџь ақалақь аҳаирбаӷәазаҿы тәеит
Дональд Трамп иҳаирплан Алиаска аштат Анкориџь ақалақь аҳаирбаӷәазаҿы тәеит

ЕАШ ахада Дональд Трамп иҳаирплан Алиаска аштат Анкориџь ақалақь аҳаирбаӷәазаҿы тәеит.

Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиҧылара Анкориџьи ақалақьаҿ иалагоит қарҭтәи аамҭала асааҭ 23:00 рзы.

Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиҧылара рхы аладырхәоит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Марко Рубио, афинансқәа рминистр Скот Бесент, ахәаахәҭратә департамент анапхгаҩы Говард Лутник, ЕАШ ахада ихаҭарнак ҷыда Стив Уиткоф, Аԥшыхәра ацентртә агентра адиректор Џьон Ретклиф.