Дональд Трамп ибжьаҟазарала, Ильҳам Алиеви Никол Ԥашиниани аҭынчратә декларациа рнапқәа аҵарҩит
Дональд Трамп ибжьаҟазарала, Ильҳам Алиеви Никол Ԥашиниани аҭынчратә декларациа рнапқәа аҵарҩит

Аҩны шкәакәаҿ ЕАШ ахада Дональд Трамп ибжьаҟазарала, Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниани аҭынчратә декларациа рнапқәа аҵарҩит.

Адокумент ала, аганқәа бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара аҟәыҵреи, ахәаахәҭратәи, адипломатиатәи еизыҟазаашьақәа ралагареи, аныҟәареи, асуверенитети атерриториатә акзаара апатуқәҵареи ирызку аҭакԥхықәра ргеит.

Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҭынчратә декларациа инапы аҵаиҩит ЕАШ ахада Дональд Трампгьы.