Дмитри Медведев – НАТО алахәылацәа ианыцәогьы ианҿыхогьы Урыстәылоуп изызхәыцуа
«НАТО алахәылацәа ианыцәогьы ианҿыхогьы Урыстәылоуп изызхәыцуа», — иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев.
Абарҭ ажәақәа рыла иара Франциа ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа иақәҿиҭит. Аммануель Макрон ишиҳәаз ала, Украинаҟны аибашьраҿы Урыстәыла агеополитикатә ганахьала иаҵахеит.
«2022 шықәсазы, ашәарҭадара агарантиақәа ҳанрылацәажәоз, НАТО ҳҳәатәы атәарбомызт. Уажәы, НАТО алахәылацәа ианыцәогьы ианҿыхогьы Урыстәылоуп изызхәыцуа», — иҩит Медведев Twitter аҿы.
Иара иажәақәа рыла, абри аҭагылазаашьаҿы аӡәыр даҵахозар, НАТО ауп иаҵахо.