Дмитри Медведев – Иаҭаххар, Урыстәыла аиадертә бџьар ахархәара азин амоуп
Дмитри Медведев – Иаҭаххар, Урыстәыла аиадертә бџьар ахархәара азин амоуп

«Иаҭаххар, Урыстәыла аиадертә бџьар ахархәара азин амоуп, — иҩит Урыстәыла  Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы Мраҭашәараҿ Урыстәыла аган аҟынтә аиадертә ақәмақарра атема ахадаратә ҵакы амоуп, аполитикцәа зегьы Урыстәыла иақәмақаруеит аиадертә бџьар ахархәара иахылҵыр зылшо  алҵшәа цәгьақәа рыла.

«Иаҭаххар, Урыстәыла аиадертә бџьар ахархәара азин амоуп. Ҳара,  мамзаргьы ҳадгылаҩцәа абри аҩыза бџьарла иаҳжәылар,  мамзаргьы,  ҳҳәынҭқарра  аҟазаара ашәарҭара иҭагылар, аиадертә бџьар ахархәара азин амоуп, — иҩит Медведев.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла, уи агәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәа рҿы абри аҩыза абџьар аҟазаара  хаангьы изақәшаҳаҭхом.

«Аҕацәа реиҧш иаҳзыҟоу ҳгәылацәа аиадертә бџьар рмоурц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Иаҳҳәап, анацисттә Украинаҿ, иахьазы НАТО аҳәынҭқаррақәа роуп ари атәы иахылаҧшуа», — иҩит  Медведев.