Дмитри Медведев – Аҭаҳмада Баиден, ауаатәыҩсара аиҳара иманы, иҧшӡаны аҧсҭазаара алҵра иӡбазар ҟалап
«Аҭаҳмада Баиден, ауаатәыҩсара аиҳара иманы, иҧшӡаны аҧсҭазаара алҵра иӡбазар ҟалап», — иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев.
Урыстәыла анапхгара ахаҭарнак иҳәамҭала, Урыстәыла абомбақәа алажьразы НАТО аракетақәа рхархәара – аблок ала Урыстәыла ажәылароуп иаанаго.
«Убасҟан, Киеви НАТО аобиектқәеи амассатә ақәхратә бџьарла раахара азин ҳауеит. Уи Ахҧатәи адунеитә еибашьра алагароуп иаанаго. Аҭаҳмада Баиден, ауаатәыҩсара аиҳара иманы, иҧшӡаны аҧсҭазаара алҵра иӡбазар ҟалап», — иҩит Медведев Telegram-канал аҿы.