Дмитри Кулеба - Украина евроинтеграциа амодель ҷыдақәа рҟынтә иааҧсеит
Дмитри Кулеба - Украина евроинтеграциа амодель ҷыдақәа рҟынтә иааҧсеит

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба иҳәамҭала, Украина Евроеидгылахь аинтеграциа амодель ҷыдақәа рҟынтә иааҧсеит.

Дмитри Кулеба  ари аҳәамҭа ҟаиҵеит афранцыз иколлега даниҧыла ашьҭахь.

«Ҳара Украина евроинтеграциа апроект ишалахәы азакәантә аршаҳаҭга ҳҭахуп, абри аҩыза аршаҳаҭгоу Евроеидгылашҟа алаларазы акандидат астатус», — иҳәеит  Кулеба.

Уаанӡа Франциа ахада аинициативала дықәгылеит Евроеидгыла иалалар зҭаху атәылақәа рзы европатәи аидҵара ҿыц аҧҵара иазкны.