Дмитри Кулеба - Атәылахьчара ахырхарҭала ҳусеицура аҿиара иадҳәаланы ЕАШ аҟынтә иацҵаны ақәыргәыӷрақәа ҳауит
Дмитри Кулеба - Атәылахьчара ахырхарҭала ҳусеицура аҿиара иадҳәаланы ЕАШ аҟынтә иацҵаны ақәыргәыӷрақәа ҳауит

– Атәылахьчара ахырхарҭала ҳусеицура аҿиара иадҳәаланы иахьа ЕАШ аҟынтә иацҵаны ақәыргәыӷрақәа ҳауит, – иҳәеит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба Польша, ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остини рҟны аиԥылара ашьҭахь.

Кулеба иажәақәа рыла, ЕАШ иацҵаны асанкциақәа ршьақәырӷәӷәара азыхиоуп.

„Адунеи атәылақәа рыбжьара Украина зегь реиҳа идуӡӡоу адгылара ЕАШ ауп ззаанарԥшыз. Ари аҵак ду амоуп. Украина аӷәӷәара мраҭашәаратәи, ҷыдара америкатәи  абџьар, – ақәԥараан аманшәарала арецепт ауп. Атәылахьчара ахырхарҭала ҳусеицура аҿиара иадҳәаланы ЕАШ аҟынтә иацҵаны ақәыргәыӷрақәа ҳауит

АШ иацҵаны асанкциақәа ршьақәырӷәӷәара азыхиоуп. Европатәи тәылақәак рпозициақәа рыԥсахырц аус рыдырулатәуп. Иахьа сареи Ентони Блинкени ари азҵааразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Ахԥатәи аелемент асанкциақәа ирызкуп”, – иҳәеит Кулеба.