"Динамо" "Нефҭчи" рматч ахь инарышьҭуа ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡара идыруп #1TVSPORT

Ачемпионцәа рлигахь алхратә матч иалахәу қарҭтәи “Динамот” бақәатәи “Нефҭчи” рматч азы абилеҭқәа рҭиира инагӡоит.

Қырҭтәыла Актәи аканал аинформациа ала, Борис Паиҷаӡе ихьӡ зху “Динамо аренаҿ” абилеҭқәа рҭииуеит аҭыԥқәа  40% рзы.

Астадион аҿы иҟоуп 54202 ҭыԥқәа, иҟоу аԥкрақәа рыла, атрибунақәа рахь инарышьҭуеит 21700-ҩык мацара.

Азербаиџьан аҩбатәи аматч ԥхынгәы 14 рзы мҩаԥгахоит.

“Динамо” “Нефҭчи” рматч ԥхынгәы 7, қарҭтәи аамҭала асааҭ 20:00 рзы иалагоит. Аматч ишиашоу атранслиациа ижәбар шәылшоит Актәи аканал аҿы.