Давид Арахамиа - Украина апрокуратура ахь ааԥхьара ҟасҵоит ауаҩшьра аиҿкааразы ашьаусԥшаара хацрыкырц
Саакашвили ак ихьыр, ари ауаҩшьрахоит, адепутат иаҳасаб ала Украина апрокуратура ахь ааԥхьара ҟасҵоит ауаҩшьра аиҿкааразы ашьаусԥшаара хацрыкырц, – “Тв пирвели” аинформациа ала ақәгылараан ари иҳәеит афракциа “Жәлар рымаҵуҩы” ахантәаҩы давид Арахамиа.
Арахамиа иажәақәа рыла, аҭыԥ амоуп ауаҩшьразы аҽазыҟаҵара.
„Иреиҳаӡоу Радаҿ аӡбара ҳадаҳкылеит, уажәы ари азҵаара аус адулатәуп Европа атәылақәа рпарламентқәа абри еиԥш аӡбара рыдыркыларц. Жәатәылак рпарламентқәа ри аӡбара иадгылар, Қырҭтәыла анапхгара уаҳа ԥсыхәа амазаауам. Евроеидгыла алалара зҭаху атәыла Евроеидгыла апароламентқәа рыҿагылара азалшом. Ари астратегиа алҵшәа аиуеит ҳәа сгәы иаанагоит”, – иҳәеит Арахамиа.