Гиа Вольски  - Уара утәылаҿ абри аҟара ацәгьаурақәа ҟазҵаз ауаҩы Украина друҭар  злауҭаххои, Арахамиа агаӡара иҳәоит
Гиа Вольски  - Уара утәылаҿ абри аҟара ацәгьаурақәа ҟазҵаз ауаҩы Украина друҭар  злауҭаххои, Арахамиа агаӡара иҳәоит

Арахамиа ииҳәаз убас ихшыҩдоуп, иҳәамҭа ахцәажәарагьы уадаҩуп. Раҧхьа иргыланы,  Саакашвили ацәгьауаҩ иоуп,  ари азҵаараҿ Урыстәыла иахарои, иара Қырҭтәыла ашьа каиҭәеит, аҧара иҕьычит, ауаа рзинқәа лаираҟәит», — иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Гиа Вольски.

Вольски иҳәамҭала зтәыла аҵакырадгьылаҿ ацәгьаура ҟазҵаз ауаҩы Украина дзаҭатәу еилкаам.

«Иахьа адәахьы ауаҩы игәыдҵаны ишьра аус иахәаҧшуеит. Саакашвилигьы ари ацәгьаура далахәызар ҟаларын, далахәымзҭгьы, иара иоуп ари асистема иахагылаз. Уара утәылаҿ абри аҟара ацәгьаурақәа ҟазҵаз ауаҩы Украина дауҭар злауҭаххои? Украинаҟа ипартиашҟа дхынҳәыр шиҭаху здыруеит.  Иара закәандарала Украина аҳәаа дахысит, аха, уи азыҳәан ак иарҳәома, мап, аорденгьы ирҭар ҟалап. Украинагьы иахароу иҟоуп. Изакәытә аиҭныҧсахлароу излацәажәо? Изакәытә гаӡароузеи Арахамиа ииҳәо. Арахамиа амц иҳәоит, аха иара иакәӡам абра ҳазлацәажәо, Арахамиа анапхгара ззиуа апартиоуп ҳазлацәажәо», — иҳәеит Вольски.