Давиҭ Маҭикашвили – Уаҵәы ицәырырго Евроеидгыла аҳасабырба аобиективтә ашьаҭа амазар, Қырҭтәыла ахырхарҭақәа зегьы рыла иҳараку ахәшьара аиуеит
«Уаҵәы ицәырырго Евроеидгыла аҳасабырба аобиективтә ашьаҭа амазар, Қырҭтәыла ахырхарҭақәа зегьы рыла иҳараку ахәшьара аиуеит», — иҳәеит апроцедуратә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Давиҭ Миҭикашвили.
Иара иажәақәа рыла, аҳасабырба иазыҧшуп.
«Ҧаса иҟаҵаз ашьаҿақәа рзы Қырҭтәыла аҭабура аанарҧшыр алшоит, аха, ҳара иҩбоу астандартқәеи ҳтәыла субиективла азныҟәареи изныкымкәа иаабахьеит, дара ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара иаҭәарбом. Рыцҳарас иҟалаз, цәгьашақә Қырҭтәыла иазныҟәо амчқәа анырра ду рымоуп. Ҳәарада, ҳара аҳасабырба ҳазыҧшуеит», — иҳәеит Маҭикашвили.