Давиҭ Архамиа – Анеҩстәи амчыбжь даараӡа иуадаҩхар ҟалап, ҳара ҳҽазыҟаҳҵоит, аруаа рҽазыҟарҵоит
Давиҭ Архамиа – Анеҩстәи амчыбжь даараӡа иуадаҩхар ҟалап, ҳара ҳҽазыҟаҳҵоит, аруаа рҽазыҟарҵоит

Украина Иреиҳаӡоу Радаҿ афракциа  „Ажәлар рмаҵзуҩы“ анапхгаҩы Давиҭ Арахамиа ишиҳәаз ала, анеҩстәи амчыбжь даараӡа иуадаҩхар ҟалап, иашьашәалоу амаҵзурақәеи аруааи уи азы рҽазыҟарҵоит.

„ Анеҩстәи амчыбжь даараӡа иуадаҩхар ҟалап. Аурысцәа аенергетикатә обиектқәа  рықәхразы атерракт ҿыцқәа дырмазеиуеит.  Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзуреи аҳәынҭқарратә структурақәеи ари ахырхарҭала аус руеит. Амаҵзурақәа зегьы иҟарҵаша рдыруеит. Ҳара ҳҽазыҟаҳҵоит, аруаа рҽазыҟарҵоит “, – иҩит Арахамиа Телеграмм-каналаҿ.

Давиҭ Арахамиа украинаа зегьы дрыҳәеит рхы иахәарц, лымкаала, аӡи афатәи аҭаҵәах ҟарҵарц, насгьы, зегьы реиҳа ирзааигәоу ацхырааратә пункт ахьыҟоу еилыркаарц.