Давиҭ Арахамиа Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа ралагаразы аҭагылазаашьақәа еиқәиҧхьаӡеит
Давиҭ Арахамиа Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа ралагаразы аҭагылазаашьақәа еиқәиҧхьаӡеит

Украинатәи апарламенттә фракциа «Ажәлар рмаҵзуҩы» алидер Давиҭ Арахамиа Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа ралагаразы аҭагылазаашьақәа еиқәиҧхьаӡеит. Иара ишиҳәаз ала, аиҿцәажәарақәа ралагаразы Урыстәыла 4 ҭагылазаашьак нанагӡароуп.

Лымкаала, Урыстәыла Украина аҵакырадгьыл иалҵроуп, арепарациақәа ашәароуп, арратә ацәгьауцәа зегьы ахьырхәра роуроуп, хатәгәаҧхарала аиадертә бџьар мап ацәнакыроуп.

«Убри анеҩс, ҳара аиҿцәажәаратә аишәа ҳахатәаны, ашәарҭадара агарантиақәа рылацәажәара ҳазыхиоуп», — иҩит  Арахамиа  Telegram аҿы.