Давиҭ Арахамиа – Донбасс есымша зқьҩык рҟнынӡа  украинатәи ахьчаҩцәа иҭахоит ма ахәрақәа роуеит
Давиҭ Арахамиа – Донбасс есымша зқьҩык рҟнынӡа  украинатәи ахьчаҩцәа иҭахоит ма ахәрақәа роуеит

«Урыстәылатәи арбџьармчқәа рҟны аиҿагылараан Украина есымша зқьҩык рҟнынӡа украинатәи ахьчаҩцәа иҭахоит ма ахәрақәа роуеит», —  иҳәеит визитла Америка иҟоу афракциа  «Ажәлар рмаҵзуҩы» алидер Давиҭ Арахамиа.

Иара иажәақәа рыла, есымша иҭахоит    200 – 5008ҩык асолдаҭцәа, ахәрақәа зауа рацәоуп.

Давиҭ Арахамиа иҳәамҭала,  уажәазы Украина иҵегьы миллионҩык раҟара аибашьцәа амобилизациа рызуп, урыстәылатәи агрессиа аҿагыларазы урҭ рхыҧхьаӡара 2 миллионҩык рҟнынӡа инаргар рылшоит.

«Ажәылареи аконтржәылареи рзы иазыҟаҵоу ауаа ҳамоуп, аха, уи азыҳәан абџьар ҳҭахуп», — иҳәеит  Арахамиа.