Давиҭ Арахамиа – Ҳара ҳхатә украинатә НАТО еиҿаҳкаар ҳҭахуп
Давиҭ Арахамиа – Ҳара ҳхатә украинатә НАТО еиҿаҳкаар ҳҭахуп

Украина анапхгаратә партиа «Ажәлар рмаҵзуҩы» алидер Давиҭ Арахамиа  иҳәамҭала, Украина,  егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә ашәарҭадара агарантиақәа аиуразы, ахатә украинатә НАТО аиҿкаара аҭахуп.

«Ҳара ҳхатә украинатә НАТО еиҿаҳкаар ҳҭахуп.  Зегьы реиҳа идуу НАТО аҳәынҭқаррақәа агрессиа аан иҳацхраарц азыҳәан», — иҳәеит Арахамиа.

Иара иажәақәа рыла НАТО иалоу 3 тәылак  — Ҭырқәтәылеи, Германтәылеи, Италиеи  Украина ашәарҭадара агарантиақәа аҭара иақәшаҳаҭхеит, уажәы ари аиқәшаҳаҭра Британиеи Америкеи иалалароуп, избанзар, Арахамиа ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу  2 ҳәынҭқаррак  рыда абри аҩыза аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩцәа аҵакы амам.