Даҕьсҭан аполициа аусзуҩцәеи хәҭалатәи амобилизациа иақәшаҳаҭым ауааҧсыреи еиҿагылеит
Урыстәыла ахада Владимир Путин ирылеиҳәаз хәҭалатәи амобилизациа амшала Даҕьсҭан аполициа аусзуҩцәеи амобилизациа иақәшаҳаҭым ауааҧсыреи еилалеит.
BBC адыррала, Махачкала 100ҩык еиҳаны аанкылоуп.
Авоенкомат аҧхьа имҩаҧысуа даҽа акциак аҿы аҳәса, иартны, украинатәи аибашьра иақәыӡбит.
Аекспертцәа ргәаанагарала, Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи Даҕьсҭан ауп зегьы раасҭа ацәыӡ зауз.