Чарльз III аофициалла Британиа Ду акралс дҟалеит.
Ари атәы Џьеимс ацқьа ихан амаҵурҭантә аарыцҳаит.
“Нагӡара иқәзааит аҳ”, – иазгәаҭан аҳәамҭа аҿы. Уаанӡа Џьеимс ацқьа ихан аҟны аҳреимдаҩ ишьақәырӷәӷәаразы ахеиак аилатәара мҩаԥган, аилатәараҿ аҳәынҭқарс Чарльз дшьақәдырӷәӷәеит.
Ари ашьҭахь Џьеимс ацқьа ихан атәыла агимни абзарбзанқәа рҟынтә аицҭырҟьаратә
хысра нагӡан.