Буду Зивзиваӡе  „Карлсруе“ ибзиаӡаны иҧылеит (авидео) #1TVSPORT
Буду Зивзиваӡе  „Карлсруе“ ибзиаӡаны иҧылеит (авидео) #1TVSPORT

Қырҭтәыла аизга  Европатәи ачемпионаташҟа ианиас ашьҭахь Қырҭтәыла амилаҭтә аизга ахәмарҩы Буду Зивзиваӡе Германтәылаҟа дхынҳәит.

„Европа ачемпионатахь аиасра ашьҭахь ҳгәыҧ ажәылаҩ даҳзыхынҳәит. Буду гәыкала ҳаиҧылар ҳҭахын, уи азыҳәан иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит“, – иануп „Карлсруе“ аофициалтә даҟьаҿы.

Ашьапылампыласҩцәа Зивзиваӡе Қырҭтәыла абираҟ кны иҧылан, ақәҿиара ду идырныҳәалеит. Иаргьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Буду Зивзиваӡе Евро  2024 плеи-офф афиналбжаҿы, Лиуқсембырг аҟны аматч аҿы  2 мпылк ҭаиршәит.