Аеқсклиузив | Буду Зивзиваӡе Англиа ачемпионшифи ҭырқәтәылатәи суперлигеи аклубқәа рҟынтә ааҧхьара иоуит #1TVSPORT
Қырҭтәыла амилаҭтә аизгеи „Карлсруеи“ ахәмарҩы Буду Зивзиваӡе Англиа ачемпионшифи ҭырқәтәылатәи суперлигеи аклубқәа рҟынтә ааҧхьара иоуит, – Актәи аканал ари атәы азааицҳаит ашьапылампыласҩы именеџьер Лаша Одилаӡе.
„Буду Зивзиваӡе ҭырқәтәылатәи асуперлига клубк ахадеи азыҟаҵаҩи изасын, аиқәшаҳаҭра адкылара идаргалеит. Уажәы Буду ихаҭа иӡбароуп Германтәылантә Ҭырқәтәылаҟа аиасра иҭаху иҭахыму.
Иара убас, Зивзиваӡе Англиа ачемпионшиф аклуб аҟынтәгьы ааҧхьара иоуит, макьана аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит, убри аҟынтә аклубқәа рыхьӡқәа сҳәар сҭахым“, – иҳәеит Лаша Одилаӡе.