Бриуссель имҩаԥысуеит Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак аилатәара
Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак 8-тәи аилатәара. Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак аилатәара иалагаанӡа, Иракли Кобахиӡе адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеп Боррель диԥылеит.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе раҧхьатәи авизитла Бриуссельҟа жәабран 19 рзы ддәықәлеит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр, Евроеидгылеи НАТОи рҿы аиҧыларақәа мҩаҧигараны дыҟоуп. Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла-Евроеидгыла ассоциациатә хеилак 8-тәи аилатәара ихы алаирхәоит, анеҩс, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа авице-ахада Жозеп Боррели, европатәи агәыларатә политикеи арҭбаареи азҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи апрессконференциа еицымҩаҧыргоит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада диҧылоит, иара убас, НАТО-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара ихы алаирхәоит.Бриуссель аҧыза-министр аиҳабыратә делегациа ицуп, аделегациа иалоуп: актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили, авице-аҧыза, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили, аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани.
![](https://cdn.1tv.ge/app/uploads/2024/02/1708426655-89954471-a250-4e51-a36d-9ab784f18713.jpg)
![](https://cdn.1tv.ge/app/uploads/2024/02/1708426657-9d7b1100-d56e-4af7-882b-b3d0ec3dbc89.jpg)
![](https://cdn.1tv.ge/app/uploads/2024/02/1708427496-62749352-cc4a-42b3-a896-cf226fc09a1a.jpg)
![](https://cdn.1tv.ge/app/uploads/2024/02/1708427316-43b74157-9d5c-4dbe-a6a7-014106f84d7e.jpg)
![](https://cdn.1tv.ge/app/uploads/2024/02/1708427320-c00403d5-a5a1-48c5-ab7e-dbed4188d8b1.jpg)
![](https://cdn.1tv.ge/app/uploads/2024/02/1708427322-7a7babeb-5d97-4b13-995e-e05036ccdfee.jpg)
![](https://cdn.1tv.ge/app/uploads/2024/02/1708427318-1047b8a2-2b1f-4a02-9cc1-6f32a9f82103.jpg)