Британиа Ду атәылахьчара аминистр Бен Уолес инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Британиа Ду атәылахьчара аминистр Бен Уолес инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Британиа Ду атәылахьчара аминистр Бен Уолес инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара иҳаҩсыз амзазы ааицҳаит инапынҵақәа рышьҭаҵара игәы ишҭаз.

Уолес арратә харџьқәа реизырҳара дазҿлымҳауп. Иара НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенбер  дзыҧсахша апотенциалтә кандидатс ихәаҧшуеит, аха, Столтенберг даҽа шықәсык ари аҭыҧаҿ дыҟазаауеит.

Инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны аиҳабырахь идәықәиҵаз ашәҟәы аҿы Уолес даҽазнык аиҳабыра дрыҳәеит арратә харџьқәа еиҵарымтәарц.