Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ – Ҳара Қырҭтәыла асанкциақәа рывсраҿы Урыстәыла иацхраауеит ҳәа украинатәи аҧшыхәра иамоу аинформациа ҳамам
Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Маик Клеитон иҳәамҭала, Қырҭтәыла асанкциақәа рывсраҿы Урыстәыла иацхраауеит ҳәа аинформациа рымам.
«Интерпрессниус» аинтервиу аҿы ацҳаражәҳәаҩ иазҵааит ари азҵаара иадҳәаланы украинатәи аҧшыхәра иаланарҵәаз аинформациа рымоума ҳәа.
«Иааҧҵәаны ишәасҳәоит — мап, ҳара ари аҩыза аинформациа ҳамам», — иҳәеит Марк Клеитон.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, Мраҭашәара ала Урыстәыла иазышьақәыргылоу зеиҧшҟамлац асанкциақәа рҿы ахатә роль нанагӡоит.
«Қырҭтәыла абри апакет аҿы ахатә роль нанагӡоит. Сара ари азҵаара иадҳәаланы АИХ аҿы аинформациа саҧхьеит, иара убас, афинансқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәамҭа сазааҭгылар сҭахуп. Ишызбаз ала, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк иаҭаху зегьы ҟанаҵоит Қырҭтәыла, Урыстәыла иазышьақәыргылоу афинанстә санкциақәа рывсра ҭыҧны иҟамларцаз. Қырҭтәылатәи абанкқәа ирылшо зегьы ҟарҵоит афинанстә санкциақәа реиқәыршәаразы. Ахәаахәҭра иадҳәаланы афинансқәа рминистр ишиҳәаз ала, дареи аекономика аминистрреи ахазалхырҭеи асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауарқәа рзы ақәиҭымтәра анагӡара иахылаҧшуеи. Ишызбо ала, Қырҭтәыла ари апроцесс аҿы ахатә роль нанагӡоит. Ҳара агәыҕра ҳамоуп Қырҭтәыла аиҳабыра ҳаҧхьаҟагьы иаҭаху зегьы шыҟарҵо ари атәыла асанкциақәа рывсра ҭыҧны иҟамларцаз», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Британиа ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон.