Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ  Гаррет Уорд Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра дандәылҵ ажурналистцәа дырмацәажәеит 
Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ  Гаррет Уорд Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра дандәылҵ ажурналистцәа дырмацәажәеит 

Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ  Гаррет Уорд Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра дандәылҵ ажурналистцәа дырмацәажәеит.

Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьеит   Британиа ду анапхгара ателееилахәырақәа «Имеди»-и «ПостТВ»-и ирзышьақәдыргылаз асанкциақәа ирыдҳәаланы аилыркаарақәа рыҟаҵаразы.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили лҳәамҭала,  ацҳаражәҳәаҩ иҟынтә аилыркаарақәа рыҟаҵара иаҳәоит ақырҭуа телееилахәырақәа асанкциақәа рзышьақәыргылара иазку аӡбара шьаҭас иамоу иадҳәаланы, избанзар, асанкциақәа рышьақәыргыларазы азин ашьаҭа ҕәҕәа иҟазароуп.