Британиа аиҳабыра Михаил Чинчалаӡеи Леван Мурусиӡеи асанкциақәа рықәнаҵеит
Британиа аиҳабыра Михаил Чинчалаӡеи Леван Мурусиӡеи асанкциақәа рықәнаҵеит

Британиа аиҳабыра Қарҭтәи апеллиациатә аӡбарҭа ахантәаҩы Михаил Чинчалаӡеи Апеллиациатә аӡбарҭа аӡбаҩ, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Леван Мурусиӡеи акоррупциа аҽалархәра ахарадҵарала асанкциақәа рықәнаҵеит.

Британиа аиҳабыра аинформациа ала, Чинчалаӡеи Мурусиӡеи рыхьӡқәа “Жәларбжьаратә антикорруциатә зинқәа еилазго ахаҿқәа рсиа” ианылеит. Ари асиа иалоу ахаҿқәа рганахьала афинанстә санкциақәа шьақәдырӷәӷәеит.