Борис Џьонсон - Украина ахатә хақәиҭра азеиқәнамырхар, Қырҭтәылагьы, анеҩс, Молдовагьы ахақәиҭразы гәыҕрак рзаанхом
«Украина ахатә хақәиҭра азеиқәнамырхар, Қырҭтәылагьы, анеҩс, Молдовагьы ахақәиҭразы гәыҕрак рзаанхом», — иҳәеит Британиа Ду аҧыза-министр Борис Џьонсон Аконсервативтә партиа ааҧынратәи аконференциаҿы.
Иара иажәақәа рыла, Владимир Путин иара игәылара зхы иақәиҭу адемократиатә ҳәынҭқарра ҟалар ҳәа дшәон, убри азоуп аибашьра дзалагаз.
«Ажәылара нагӡахар, Путин Украинаҟны даангылараны дыҟам. Украина ахатә хақәиҭра азеиқәнамхар, Қырҭтәылагьы, анеҩс, Молдовагьы ахақәиҭразы гәыҕракгьы рзаанхом — уи Мрагыларатә Европаҿ аршәара аера ҿыц алагамҭас иҟалоит, Балтиа инаркны Амшын еиқәа аҟынӡа», — иҳәеит Борис Џьонсон.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Британиа Ду иаҭаху зегьы ҟанаҵароуп урыстәылатәи агази анефҭи иахьыҧшымзарц азыҳәан.