Болгариа ахада иӡбарала, жьҭаара 27 рзы атәылаҿ изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахоит
Болгариа ахада иӡбарала, жьҭаара 27 рзы атәылаҿ изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахоит

Болгариа ахада Румен Радев иӡбарала, жьҭаара 27 рзы атәылаҿ изаамҭаным алхрақәа мҩаԥгахоит, – аанацҳаит “Роитер”.

Аих аинформациа ала, Болгариаҿ аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны апарламенттә алхрақәа бжьынтә мҩаԥган.

Изаамҭаным алхрақәа рымаԥгара аполитикатә партиақәа аиҳабыратә коалициа ашьаҭаркра азҵааразы иахьеиқәшаҳаҭымхаз иахҟьоуп.