Бырзентәылеи Сербиатәи Ареспубликеи рҿы Қырҭтәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сербиа ахада агәраргагатә шәҟәы ииҭеит
Бырзентәылеи Сербиатәи Ареспубликеи рҿы Қырҭтәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сербиа ахада агәраргагатә шәҟәы ииҭеит

Бырзентәылеи Сербиатәи Ареспубликеи рҿы Қырҭтәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Леван Бераӡе Сербиа ахада Александр Вучич агәраргагатә шәҟәы ииҭеит,- аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

АдәАР аинформациала, агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара ацеремониа Сербиа ахан аҟны мҩаԥган, уи ашьҭахь Сербиа ахада ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит. Аиԥылараан Сербиеи Қырҭтәылеи ирыбжьоу аусеицуреи атәылақәа ирыбжьоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа 30 шықәса ахыҵреи иазку азҵаарақәа ирыхәаԥшит. Ацҳаражәҳәаҩ Леван Бераӡе Сербиа ахада иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети рыдгыларазы.