«Ҳара Ааигәатә Мрагылара ҳаҧсахуеит», — иҳәеит Израиль аҧыза-министр Биниамин Нетаниаҳу атәыла аладатәи аҳәаа иазааигәоу анхарҭатә пунктқәа рнапхгаҩцәа данырҧылоз.
«ҲАМАС акаамеҭ иақәҳаршәоит. Ҳара уажәоуп ҳаналаго. Сшәыҳәоит шәыҽшәырҕәҕәарц, избанзар, ҳара Ааигәатә Мрагылара ҳаҧсахуеит», — иҳәеит Нетаниаҳу.
Жьҭаара 7 рзы рзы, ашамҭазы, Ҕаза асектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала аракетақәа дәықәҵан. Ажәыларазы аҭакҧхықәра агеит ҲАМАС. Израиль арратә ҭагылазаашьа рылаҳәоуп.