Биӡина  Кулумбегов – Ҩба-хҧа мчыбжьы рышьҭахь  Қырҭтәыла аларҵәара аиуеит акоронавирус авариан ҿыц Кракен
Биӡина  Кулумбегов – Ҩба-хҧа мчыбжьы рышьҭахь  Қырҭтәыла аларҵәара аиуеит акоронавирус авариан ҿыц Кракен

Аллерголог-иммунолог Биӡина  Кулумбегов игәаанагарала,  ҩба-хҧа мчыбжьы рышьҭахь  Қырҭтәыла аларҵәара аиуеит «Омикрон», авариант ҿыц Кракен. Иара иажәақәа рыла, ари агәаанагара имоуп адунеиаҿ иҟоу атенденциа амшала.

Кулумбегов ишиҳәаз ала,  акоронавирус авариант ҿыц ирласӡаны аларцәара алшоит.

««Омикрон» авариант  — «B-5» — адунеиаҿ зегьы реиҳа аларҵәара амоуп. Авариант  «Кракен» идыруп зегьы реиҳа ирласны иазҳауа авирус ахкы ҳасабала. Иахьазы Америка ауааҧсыра  60-70%  ари авирус рымоуп. Қырҭтәыла шаҟаҩы ари авирус ҿыркааз макьана иҳаздырӡом. Ҩба-хҧа мчыбжьы рышьҭахь  Қырҭтәылаҿ ари авирус аларҵәара ду аиур ҟалап. Ахәшәтәырҭақәа рҽы ахәшәтәра зҭаху ауаа рацәамхеит, аха, авакцина алҵшәара маҷхеит.  Ачымазара заанаҵы аарҧшра апроцесс иаҳа хшыҩзышьҭра азутәуп», — иҳәеит Биӡина  Кулумбегов.