Бердиа Сиҷинава – Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәыргылара афакт азы аҭакҧхықәра рхы иадырҵарц
Бердиа Сиҷинава – Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәыргылара афакт азы аҭакҧхықәра рхы иадырҵарц

«Акоррупциатә синдикат алахәылацәа асанкциақәа рзышьақәыргылара иазкны Америка ирыдыркылаз аӡбара ала ишиашоу ардырга ҟаҵоуп ақырҭуа демократиеи азакәан аиҳаӡареи иаҧырхагоу ахаҿқәа зегьы хаҭала аҭакҧхықәра шрыдырҵо азы», — иҳәеит апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәыла  Бердиа Сиҷинава иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

«Атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит алагамҭатә етап азы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵарц.  Асанкциақәа ззышьақәыргылоу аӡбаҩцәа рнапынҵақәа шьҭарҵароуп,  Қырҭтәыла апарламент  ҳара ицәыраагаз аҧсахрақәа  «Азеиҧш аӡбарақәа» ирызку азакәан аларгалароуп. Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны аиашаӡбаратә система шьаҭанкылатәи ареформа мҩаҧыргароуп.

Ҳара атәыла анапхгара рахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит ҧырхага зхылҵуа ариторика ацынхәрас, зыҧшра ҟамҵакәа, абарҭ азҵаарақәа ирықәҿырҭырц», — иҳәеит  Бердиа Сиҷинава.