Беқа Ӡамашвили - Хазараӡе-Џьаԥариӡе рпартниор аԥара ахьишәаз иаанаго Вашингтонтәи арбитражтә аӡбара иаднакылаз иақәшаҳаҭуп, аԥара абиуџьет иалалахьеит
Хазараӡе-Џьаԥариӡе рпартниор аԥара ахьизыршәаз Вашингтонтәи арбитражтә ӡбарҭа аднакылаз аӡбамҭа шақәшаҳуа шьақәнарӷәӷәеит, аԥара абиуџьет ианылахьеит. Даҽакала иуҳәозар, Анаклиатәи абаӷәаза апроект анагӡара ахьрылымшаз зегь рыла дара шырхару иазхарҵоит, – иҳәеит Аиустициа аминистр ихаҩыԥуаҩ Беқа Ӡамашвили.
Џьамашвили иажәақәа рыла, Боб Меиер иқәырҵаз ашәахтә ишәахьеит.
“Боб Меиер мышқәак раԥхьа иқәырҵаз ашәахтә ишәахьеит, аԥарагьы абиуџьет ианылахьеит. Убри инақәыршәаны, иахьа ари азҵаара иаахтны ҳалацәажәар ҳалшоит”, – иазгәеиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Аиустициа аминистрра ԥхынгәы 31 рзы аланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаԥариӡеи Анаклиатәи абаӷәаза иазку аус аҿы Вашингтонтәи абжьаҟазаратә аӡбарҭаҿы иаҵахеит, Вашингтонтәи абжьаҟазаратә аӡбарҭа (Адунеи абанк аԥнаҵаз Аинвесициатә аимакқәа рҭыԥқәҵаразы жәларбжьаратә ацентр ICSID) Анаклиатәи абаӷәаза иазку аус азы аӡбамҭа аднакылан, Қырҭтәыла аиҳабыра рҭахрақәа иақәшаҳаҭхеит. Хазараӡеи Џьаԥариӡеи голландиатәи рпартниор Боб Меиер аҳәынҭқарра аҟынтә 64 миллион америкатә доллар ашәара даҳәон, аха абжьаҟазаратә аӡбарҭа ари иақәшаҳаҭымхеит, уи акәым, Боб Меиер Қырҭтәыла аиҳабыра 6.5 миллион доллар рзишәар акәын.