Бениамин Неҭаниаҳу - Израиль Рафаҳ аҟны аоперациа хәажәкыра 10-нӡа ихыркәнашароуп
Бениамин Неҭаниаҳу - Израиль Рафаҳ аҟны аоперациа хәажәкыра 10-нӡа ихыркәнашароуп

Жәларбжьаратә ақәыӷәӷәара иазыԥхьагәаҭаны, Израиль Рафаҳ аҟны аоперациа ахыркәшаразы мызкы аҭахуп, – иҳәеит Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу.

Неҭаниаҳу аибашьра акабинет алахәылацәа ишраиҳәаз, Газа аладатәи хәҭаҿы иҟоу ақалақь аҿы аоперациа Рамадан иалагаанӡа, хәажәкыра 10-нӡа ихыркәшароуп.

Уаанӡа Израиль аԥыза-министр аруаа ирыдиҵеит Рафаҳ аҟынтә ауааԥсыра ревакуациа аплан ашьақәыргылара.

ЕАР аинформациала, Рафаҳ иҟоу ахыҵәахырҭақәарҿы Газа еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟынтә 1.3 миллионҩык ауаа иҟоуп..