Иракли Ӷарибашвили Бениамин Неҭаниаҳу диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Бениамин Неҭаниаҳу диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу диԥылеит. Аԥыза-министрцәа ишиашоу реиԥылара ашьҭахь аиԥылара ирҭбаау аформат ала мҩаԥган.

Қырҭтәыла аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аганқәа ҩтәылак еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ирыбжьоу аусеицура уи арҭбаареи рыхцәажәеит.

„Аганқәа аекономикатә хырхрҭала аусеицура иахцәажәеит. Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, адинамикаҿ атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа иазҳауеит, иаауа ашықәс азы зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аилацәажәарақәа иалагоит, ари иабзоураны атәылақәа ирыбжьоу апартниорра аетап ҿыц ахь иасуеит.

Аиԥылараҿ, аҳәынҭқарабжьаратә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, адгылара ҿыцқәеи наҟ-наҟтәи аусеицураҿ ахырхырҭа ҿыцқәа раарԥшар аперспективақәеи ирзааҭгылеит. Ирыхәаԥшит атуризм ахырхарҭала аусеицура апозитивтә динамика.

Изааҭгылаз азҵаарақәа иреиун  адунеи аҿы иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи ааԥхьарақәеи”, – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр ипрессмаҵӡура аинформациа аҿы.

Иракли Ӷарибашвили Бениамин Неҭаниаҳу Қырҭтәылашҟа дааиԥхьеит.