Ажәабатәи  "TbilisiMarathon" мҩаҧысуеит Қарҭ аҭоурыхтә амҩақәа рҿы
Ажәабатәи  "TbilisiMarathon" мҩаҧысуеит Қарҭ аҭоурыхтә амҩақәа рҿы

Атуризм амилаҭтә администрациа адгыларала, цәыббра 25 рзы имҩаҧысуеит 10-тәи  «TbilisiMarathon».

Ауснагӡатә иалагоит Русҭавели имҩаду аҿы, Актәи аклассикатә гимназиа ааигәара.  «TbilisiMarathon» амаршрут иалахәып ақалақь ахадаратә раионқәа  –  ауснагӡатә амҩаҧгаразы ақалақь аҭоурыхтә мҩақәа иркызаауеит.

Амарафон иалахәып аҳәаанырцәтәи асасцәагьы,  60 инареҳаны аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи, иара убас, аиҳабыратә сектори абизнес сектори ахаҭарнакцәагьы.

Ауснагӡатә аиҿкааҩцәа рҳәамҭала, сынтәатәи амарафон  алахәылацәа рхыҧхьаӡара азҳаит    3000ҩык рҟнынӡа, уи аҵакы ду амоуп изҩыдоу аҧсҭазаашьа аларҵәареи атуризм аҿиареи азыҳәан.

2015 шықәса инаркны  «TbilisiMarathon» Амарафонқәа жәларбжьаратәи рассоциациа иалахәып, убри аҟынтә, ауснагӡатә мҩаҧысуеит жәларбжьаратәи астандартқәа инрықәыршәаны, алҵшәақәа рыҧхьаӡоит адунеи зехьынџьара иҧышәоу асистема Official Timekeeping and Data Processing от MYLAPS ала.