Ажьырныҳа 3еи 4еи рзы Қырҭтәыла  аҳауа атемпература ҕәҕәала илаҟәуеит  
Ажьырныҳа 3еи 4еи рзы Қырҭтәыла  аҳауа атемпература ҕәҕәала илаҟәуеит  

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ажьырныҳа 3еи 4еи рзы Қырҭтәыла  аҳауа атемпература ҕәҕәала илаҟәуеит.

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, Колхидатәи алаҟәраҿы атемпература лаҟәхоит  −8 градус аҟынӡа,  Шида Қарҭли —  −17 градус аҟынӡа.

«Асубтропикатә культурақәеи аӡахәаҭрақәеи аҧхасҭа роур ауеит.

Автомобилтә мҩа цыҧҵәахақәа рҿы аҧкрақәа шьақәыргылахоит, афымцамҩаҧгагақәагьы иҵаахар ауеит», — иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.