Ажьырныҳәа 13 инаркны Қырҭтәыла амш цәгьахоит
Ажьырныҳәа 13 инаркны Қырҭтәыла амш цәгьахоит

Ажьырныҳәа  13 инаркны  17-нӡа Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, — ари атәы аарыцҳаит Аҧсабаратә лагылазааразы амилаҭтә агентра аҟынтә.

Лымкаала,  аҳауа атемпература каҳауеит, ҭыҧқәак рҿы асоуреи аҧшацәгьеи иазыҧшуп. Ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асду леиуеит, асыҭҳәеи анаҟәеи ҟалоит. Амҩақәа ҵаауеит, асыбгара ашәарҭара цәырҵуеит.

Амшын аҿы 4-5 балл ашторм ҟалоит, ашьхараҿы афымцамҩангагақәа иҵаар ауеит.

Агентраҿы ишырҳәаз ала, асду амшала, амагистраль хада амҩатә цыҧҵәахақәак рҿы аиҭаҵра ааныркылар ҟалап.