Ажьырныҳәа 10 инаркны ажьырныҳәа 13-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы алышәшәақәа леиуеит
Ажьырныҳәа 10 инаркны ажьырныҳәа 13-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы алышәшәақәа леиуеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ажьырныҳәа 10 инаркны ажьырныҳәа 13-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы алышәшәақәа леиуеит.

„Қарҭ алышәшәақәа леиуам, аҳауа аԥхарра +9, +11 градус иаҟарахоит.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы  (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра +11, +13 градус иаҟарахоит.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхатә регионқәа рҿы  (Местиа, Бахмаро) асы леиуеит. Шьыбжьон аҳауа атемпература  +1,+3 градус иаҟарахоит.

Қарҭли арегионаҿ  (Русҭави, Болниси, Марнеули, Гардабани, Гори, Цхинвали)  ақәа леиуеит, аҳауа аԥхарра  +9, +11 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи ақәа леиуеит аҳауа атемпература +8, +10 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхатә регионқәа рҿы  (Ахалқалақьи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало) асы леиуеит, шьыбжьон -1,-3  градус иаҟарахоит.“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.