Арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит
Арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит

Аԥсабара амилаҭтә агентра аҟынтә ишаарыцҳаз, хәажәкыра 1 инаркны 4-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ражәақәа рыла, илеиуа алышәшәақәеи ашьхараҟны иӡыҭуа аси ирыхҟьаны, Мраҭашәаратә Қырҭтәылатәи аӡиасқәа шьҭыҵыр ҟалоит.

„Ашьхатә арегионқәа рҿы аҳауа ҳарак иахҟьаны, асы аӡыҭра алагеит .Мраҭашәаратә Қырҭтәылатәи аӡиасқәа шьҭыҵыр, асыԥса дәықәлар ҟалоит“, – аарыцҳаит Аԥсабара амилаҭтә агентра аҟынтә.