Каха Калаӡе -  Нанҳәа 29 рзы Қарҭ илеиз алышәшәақәа  300 раҟара аҭыӡҭыҧқәа рҿы аинфраструктура ҧхасҭартәит
Каха Калаӡе -  Нанҳәа 29 рзы Қарҭ илеиз алышәшәақәа  300 раҟара аҭыӡҭыҧқәа рҿы аинфраструктура ҧхасҭартәит

Аҳҭнықалақь ахада Кахи Калаӡе иҳәамҭала, Нанҳәа 29 рзы Қарҭ илеиз алышәшәақәа  300 раҟара аҭыӡҭыҧқәа рҿы аинфраструктура ҧхасҭартәит.

Қарҭтәи амуниципалитет аиҳабыра реилатәараҿы Калаӡе ишиҳәаз ала,  ацәаҳәа ҷыдеи, араионқәа рнапхгаҩцәеи, ақалақьтә маҵзурақәеи арежим ҷыдаҿ аус руан.

«Нанҳәа 29 рзы Қарҭ илеиз алышәшәақәа  рымшала Қарҭ аконкреттә раионқәа рҿы апроблемақәа рацәоуп.  Аспециалистцәа рҳәамҭала,  абарҭ х-сааҭк рыла илеиз алышәшәақәа рхыҧхьаӡара  2015 шықәса рашәара 13 рзы  илеиз алышәшәақәа раасҭа ҩынтә еиҳан.  Ақәоурацәгьа амшала ахыбқәеи аҭӡамцқәеи аҧхасҭа роуит.  Иакымкәа хазхаҭалатәи аҩнқәа рҟынтә ауааҧсыра риагара ҳақәшәеит.

Ҳмаҵзурақәа рхаҭарнакцәа шаанӡа аус руан, ацхыраара зҭахыз ауаа зегьы ирыцхраауан. Ҳара зехьынџьара ҳнеит, аҭагылазаашьа гәаҳҭеит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла, ақәоурацәгьа амшала  300 раҟара аҭыӡҭыҧқәа рҿы аинфраструктура ҧхасҭоуп, аха, хара имгакәа уи еиҭашьақәдыргылоит.

«Ҳара ари апроцесс ҳхы алаҳархәроуп. Зегьы еиҿаҳкаароуп, аконкреттә проектқәа мҩаҧгатәуп. Аҧара азоҳашьҭхьеит, хара имгакәа зегьы ирҽеины, еиҭашьақәҳаргылоит», — иҳәеит  Калаӡе.