Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра Шәамахьтәыла ахаранаҵеит амца аартра, Еревавн ари ахарадҵара мап ацәыркит
Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра Шәамахьтәыла ахаранаҵеит амца аартра, Еревавн ари ахарадҵара мап ацәыркит

 

Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра Шәамахьтәыла ахаранаҵеит амца аартра, Еревавн ишырҳәаз ала, Бақәа адезинформациа аладырҵәоит.

Азербаиџьан  Атәылахьчара аминистрра адыррала,  абҵара 4 аухаз шәамахьтәылатәи арбџьармчқәа Кельбаџьартәи араионаҿ игылоу азербаиџьантәи аруаа иреихсуан.

Бақәа ишырҳәаз ала, ари ажәыларазы  «иахәҭоу аҭак ҟарҵеит».

Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азербаиџьантәи аган адезинформациа аларҵәара ахарарҵеит. Ереван ишырҳәаз ала, ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәааҿ аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.

https://twitter.com/NabilaEUspox/status/1588281088920592386?ref_src=twsrc%5Etfw%7Ctwcamp%5Etweetembed%7Ctwterm%5E1588281088920592386%7Ctwgr%5E3030a082dcce6de179ae2dd54046027d1a17b3bd%7Ctwcon%5Es1_&ref_url=https%3A%2F%2F1tv.ge%2Flang%2Fru%2Fnews%2Fminoborony-azerbajdzhana-obvinjaet-armeniju-v-otkrytii-ognja-erevan-obvinenija-otricaet%2F