Ахәшәқәа европатә рагентра Џьонсони Џьонсони  иаԥнаҵаз акоронавирус азы алаҵа шьақәнарӷәӷәеит
Ахәшәқәа европатә рагентра Џьонсони Џьонсони иаԥнаҵаз акоронавирус азы алаҵа шьақәнарӷәӷәеит

Џьонсони Џьонсони аԥнаҵаз акоронавирус азы алаҵа Ахәшәқәа европатә рагентра аҟынтә авторизациа аиуит.

“Доиче велле” аинформациа ала, Бельгиаҿ иҟоу “Иансен” афармацевтикатә еилахәыла аԥнаҵаз алаҵа, егьырҭ алаҵақәа иреиԥшымкәа, дозак мацара ҟаҵатәуп.

Џьонсони Џьонсони аҟынтә Евроеидгыла 400 миллион доза аиуеит.