Ахашәалақәа рзы амаҵзура амал азы ашәахтә  шықәсыктәи адекларациа ахарҭәаара иадҳәаланы аилыркаарақәа аланарҵәеит
Ахашәалақәа рзы амаҵзура амал азы ашәахтә  шықәсыктәи адекларациа ахарҭәаара иадҳәаланы аилыркаарақәа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра Ахашәалақәа рзы амаҵзура амал азы ашәахтә шықәсыктәи адекларациа ахарҭәаара иадҳәаланы аилыркаарақәа аланарҵәеит.

Амаҵзура абҵара 1-нӡа адекларациа ахарҭәаара зықәнагоу ауаа ркатегориақәа ирыдҳәаланы аилыркаарақәа ҟанаҵоит.

Адекларациа хадырҭәаароуп ҵыҧх (2024 шықәсазы)   40 000 лари еиҳаны ахашәала змаз, иара убас, ашәахтә зқәу иеиҭамҵуа амал  змоу  ауааи рҭаацәарақәа рылахәылацәеи. Аекономикатә усура аан  — иара убас, активқәеи, амаҭәахәқәеи, абаланс аҿы иҟоу егьырҭ ахархәагақәеи.

Иара убас, ишазгәаҭоу ала, ҵыҧх адекларациа хазырҭәааз, мамзаргьы ашәахтә зқәырҵахьоу ауаа сынтәа адекларациа ахарҭәаара ируалым, дара ирызку адыррақәа иҧсахымзар.

Иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп амал азы ашәахатә иазку адекларациа ахарҭәаара аҧҟараҿы сынтәа аҧсахрақәа шыҟамлаз. Убри аҟынтә, анаплакратә субиектқәеи афизикатә хаҿқәеи адекларациа анхадырҭәаауа хымҧада иазгәарҭароуп  ҵыҧхтәи ашықәс азы ашәахтә зқәызҵаз  амал иазку адыррақәа.

Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра Ахашәалақәа рзы амаҵзура  амассатә информациатә хархәагақәеи,  афинанстәи, абухгалтертәи, аконсалтингтәи маҵзура мҩаҧызго аилахәарақәеи  рахь ааҧхьара ҟанаҵоит ашәахтәшәаҩцәа азарал рзаазгар зылшо имцырку аинформациа аладмырҵәарц.

Афизикатә хаҿқәа рзы амал азы ашәахтә аҧхьаӡареи ашәареи иазку инарҭбаау аинформациеи авидеоинструкциеи жәбар шәылшоит аофициалтә саити иашьашәалоу ацҵатәқәеи рҿы. Иара убас, шәхы иашәырхәар шәылшоит Ахашәалақәа рзы амаҵзура аҧхьаӡацтә сервисқәа — «RS Чати»  «RS Боти», мамзаргьы, аҭел аномер  2 299 299 ала аконсультациатә центр шәадҵаалар шәылшоит, — иануп Ахашәалахәқәа рзы амаҵзура аҳәамҭаҿы.