Агәаҭара-аужьҭратә пункт „Ҟазбеги“ абжьааҧнытә режимаҿ аусура нанагӡоит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Ахашәалақәа рзы амаҵзура
„Афинансқәа рминистрра Ахашәалақәа рмаҵзура адырра шәнаҭоит агәаҭара-аужьҭратә пункт „Қазбеги“ ала жәларбжьаратәи амҩангарақәеи, аҳәаа иахысыр зҭаху афизикатә хаҿқәа ргәаҭареи апроцедурақәа ҧырхагада ишымҩаҧысуа“, – иануп аҳәамҭаҿы.
Иацы, ҧхынгәы 31 рзы, заанаҵтәи адырраҟаҵара асистема аҟынтә ироуз адырра амшала, агәаҭара-аужьҭратә пункт иаркын.