Иахьа Ахәаша ду ауп – Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит Мшаԥы иаԥхьанеиуа ахәаша, ари амш Қьырса игәаҟра мчыбжьы азы зегьы раасҭа ихьанҭоу мшуп. Аиашахаҵаҩцә Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи, икыдхреи, иҧсыжреи иргәалашәоит.
Самеба акафедралтә аныхабааҿы аритуал ҷыда мҩаҧигеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ аб Шио.
Ахәаша ҟаԥшь азы ауахәамақәа рҿы анцәа имаҵура мҩаԥыргом, избан акәзар, Аҩырацқьа инақәыршәаны, ауаа рыгәнаҳа ахыхразы Иаса Қьырса дыҧсит цәеижьла.
Аиашахаҵаҩцәа ари аҽны акәтаҕь ҟаҧшьла иршәоит, ачахаа ҟарҵоит.