Ахакертә гәыҧқәа Silent Crow-и Cyber Guerrillas-и урыстәылатәи авиаеилахәыра  «Аерофлот» ажәыларазы аҭакҧхықәра ргеит
Ахакертә гәыҧқәа Silent Crow-и Cyber Guerrillas-и урыстәылатәи авиаеилахәыра  «Аерофлот» ажәыларазы аҭакҧхықәра ргеит

Урыстәылатәи авиаеилахәыра  «Аерофлот» ажәыларазы аҭакҧхықәра ргеит ахакертә гәыҧқәа Silent Crow-и Cyber Guerrillas-и.

Ахакерцәа рҳәамҭала, ажәылараан дара  авиаеилахәыра  «Аерофлот»  7 000 асерверқәа иқәырхит, насгьы, рнапаҿы иҟалеит 20 терабаит адыррақәа.

Иара убас, ахакерцәа ишырҳәаз ала, дара аилахәыра аусзуҩцәа ркомпиутерқәа рбареи, реиҿцәажәарақәа рынҵамҭақәа рзыӡырҩреи, ацклаҧшратә видеосистемақәа рҭалареи рылшоит. Ахакерцәа рҳәамҭала, арҭ адыррақәа рыргаматәра ргәы иҭоуп.

Уаанӡа  «Аерофлот» ишаанацҳаз ала, аинформациатә система  аиҧҟьара иахҟьаны  40 иреиҳаны ареисқәа иаҧыхын.