Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ишиҳәаз ала, Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель аганқәа ажәалагала ҿыц рыдигалеит.
Ҳарцель иҳәамҭала, партиақәак аконсультациақәа рзы аамҭа иаҳәеит.
«Иахьа ҳара Америа Аҳәынҭқарратә департаменти Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки иҟарҵаз аҳәамҭа алаҳарҵәеит. Аҳәамҭаҿы дара иаҵшьны иазгәарҭеит Евроеидгылеи Америкеи Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра ду шазыруа. Иара убас, аҳәамҭаҿы иазгәаҭан Шарль Мишель аганқәа ажәалагала ҿыц шырзыҟаиҵо. Иахьа аганқәа зегьы абри ажәалагала раҳҭеит.
Аиҧылара иалагаанӡа партиақәак аконсультациазы аамҭа иаҳәеит, ҳара ари аҳәара иазҧхьагәаҳҭеит. Аганқәа ихынҳәны, Қырҭтәыла аполитикатә кризис аҵыхәҧҵәаразы рыӡбара ҳарҳәаанӡа ҳазыҧшуп», — иҳәеит Карл Ҳарцель.